Аԥсны

Амиран Адлеиба Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Амиран Адлеиба Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит нанҳәа 5 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсни СССРи рсахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Асахьаҭыхратә ҟазара ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны илагаламҭа ду, ипрофессионалтә ҟазара ҳаракы рзы Амиран Сардион-иԥа Адлеиба ианашьазааит "Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы " ҳәа аҳаҭыртә хьӡы", - аҳәоит Аусԥҟа.
Амиран Адлеиба асахьаҭыхҩы-аҿыханҵаҩ, аскульптор–монументалист, Аԥсни СССРи рсахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭа аиҳабы аҵыхәтәантәи иусумҭақәеи раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба ибаҟеи рзы ианашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу