Аԥсны

Ҭеимураз Хышбеи Ростуризм ахада ихаҭыԥуаҩи Аԥсны атуризм аԥеиԥш иалацәажәеит

Аԥсны атуризм аминистр аусутә еилацәажәарақәа рзы Москва дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Ростуризм ахада ихаҭыԥуаҩ Елена Лысенковеи Аԥсны атуризм аԥеиԥш иалацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аиԥылараан аганқәа инарҭбааны ирзааҭгылеит атуризм аусхк аҟны аусеицуразы еиуеиԥшым азҵаарақәа.
Лысенкова лажәақәа рыла Аԥсны алшара дуқәа амоуп атуризм аусхк аҟны, иалшоит ари ахырхарҭа ԥсшьарҭа ҭыԥк аҳасабала иалызхуа аныҟәаҩцәа рхыԥхьаӡара акырӡа аизырҳара.
Аминистрраҿы ирҳәеит Ҭеимураз Хышба Урыстәылатәи атуристтә форум "Шәныҟәала" дшалахәхо.
Аԥсны
Аԥсны аинвестициатә форум ҭагалан амҩаԥгара азгәаҭоуп