Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 400 инареиҳаны акоронавирус хҭыс аадырԥшит

100 000-ҩык ауааԥсыра рыбжьара 4709-ҩык аҿкы рымоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Ҟәбан акоронавирус 423-ҩык ирыдбалоуп, аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аоперштаб.
Ичмазаҩхаз рахьтә 267-ҩык ҳәсақәоуп, 156-ҩык хацәоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы 23-ҩык хәыҷқәоуп. Аҿкы зыдбалоу иреиҵыбӡоу ԥшьымз ихыҵуеит, иреиҳабӡоу - 95. Зҭагылазаашьа хьанҭоу уаҩ дыҟам.
Краснодар аҿкы рыдбалоуп 164-ҩык, Шәача- 62-ҩык, Новороссиск-35-ҩык, Анапа-15-ҩык.
Апандемиа иалагазар Краснодартәи атәылаҿацә аоперштаб адыррала 970 047-ҩык ахәшәтәырҭақәеи алабораториақәеи рахь идҵаалахьеит. Авирус рзышьақәырӷәӷәоуп 267 377-ҩык рҿы.
254 053-ҩык ргәы бзиахеит, рыԥсҭазаара иалҵит 10 981-ҩык. Иахьазы астационарқәа рҿы ишьҭоуп 230 –ҩык, урҭ рҟынтәи 223 –ҩык COVID-19 рыдбалоуп.