Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит Аԥсны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымшныҳәа шазгәаҭахо

Аԥсны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымшныҳәа 30 шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа шеиҿкаахо атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳәынҭкомиссиа анапхгаҩы, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа.
Sputnik
Есышықәса нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Рымшныҳәа.
Сынтәа амшныҳәа 30 шықәса ахыҵраз ишьақәырӷәӷәоу апрограмма инақәыршәаны ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит Гәдоуҭа, иҳәеит аҳәынҭкомиссиа анапхгаҩы.
Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, арыцхә инамаданы амедалқәа разыхиара аус азгәаҭан, аха урҭ рҭыжьра иахьахьымӡаз иахҟьаны рнапаҿы ирыҭахоит ианымазеихалак ашьҭахь.
Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Рымшныҳәа азгәаҭаразы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп 200-ҩык инареиҳаны асасцәа, иҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.