Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Украина қьырала еибашьуаз 80-ҩык ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа Днепропетровтәи аобласт аҟны "Аҳәаанырцәтә легион" аамҭалатәи агыларҭа иеихсит, қьырала еибашьуаз 80-ҩык ҭадырхеит, иршьаҟьеит 11 ак атехника ҷыда. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Херсонтәи аобласт аҿы Урыстәыла аҳаир-космостә мчрақәа 46-тәи аеромобилтә бригада аамҭала иахьгылаз ықәдырҵҟьҟьааит. Иҭархоуп 400-ҩык амилаҭеилыхцәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара киевтәи арежим аиадертә терроризм азы ахара рыднаҵоит
Иара убасгьы ааха рыҭоуп Херсонтәи аобласт аҿы 63-тәи амеханизациатә бригада 105-тәи абаталион. Иҭархоуп 70-ҩык инеиҳаны амилаҭеилыхҩцәа, 150-ҩык рҟнӡа ахәрақәа роуит.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетақәеи, артиллериеи рыла ааха рыҭоуп 10-тәи ашьха-жәыларатә бригада, аракета-артиллериатә шьҭаҵарҭақәеи абылтәышьҭаҵарҭақәеи.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 400 ҳаирплани вертолиоти, 1572 аԥырҩы дызҭам аппарат, 356 зенит-ракетатә комплекс, 4135 танк, 760 реактив-систематә машьынақәа, 3166 артиллериеи минаршәгеи рыхгәыцәқәа, 4410 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа аракета-артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит