Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ртауареикәшара шә-миллиард доллар рҟынӡа ашьҭыхра ргәы иҭоуп

Ҭырқәтәыла ахәаахәҭра аминистри урыстәылатәи аԥыза-министр Александр Новаки Шәача рнапы аҵарҩит ахәаахәҭра-економикатә усхк аҟны аусеицуразы амеморандум.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхаҭарнакцәа рнапы зҵаҩу аекономика ахырхарҭала аусеицуразы "амҩатә хсаалага" инақәыршәаны, аҩ-тәылак ртауареикәшара шә-миллиард доллар рҟынӡа ашьҭыхра ргәы иҭоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган иҳәамҭа шьаҭас иганы.
"Уажәаԥхьа иаҳҳәахьан ҳаилахәаахәҭра ахықәкы шә-миллиард доллар шакәу. Ҳусеицура иацаҳҵар ҳҭахуп -аенергетика, ахәаахәҭра, атуризм, ақыҭанхамҩа ахырхарҭақәа рыла", - иҳәеит ахада.
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа еиԥылеит нанҳәа 5 рзы Шәача. Путини Ердогани аҩ-тәылак русеицура арҭбаареи, адәныҟатәи аполитикеи, украинатәи азҵаареи, Шьамтәылеи Ливии иҟоу аҭагылазаашьеи, жәларбжьаратәи атерроризм аҿагылареи азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Путини Ердогани Шәача имҩаԥыргаз реиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа рыла аҳәамҭа еицыҟарҵеит