АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. 2022 шықәса актәи азбжазы Гал араион аҿы ашәҟәы иҭагалоуп ацәгьоурақәа жәаба, урҭ рахьтә жәба аарԥшуп, абри атәы иҳәеит араион апрокурор ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Коӷониа ацәгьоурақәа рзы аҭагылазаашьа шыҟоу иҳасабырбаҿы.
Коӷониа иазгәеиҭеит, иҭҟьо абџьар ахархәарала ацәгьоурақәа ашәҟәы ишарбам.
Ҵыԥх ари аамҭазы иҟаҵаз ацәьоурақәа ирҿырԥшны, сынтәа урҭ рхыԥхьаӡара еиҵахеит, усҟан араион аҿы ашәҟәы иҭагалан ацәгьоурақәа 16, урҭ рахьтә 13 аарԥшын.
Уи адагьы, аҳасабырба иарбоу аамҭахҵәазы араион аҟны амҩатә машәырқәа хԥа ҟалеит, ҩыџьа ауаа ҭахеит, даҽа ҩыџьа аахақәа роуит.