Аԥсны

Ашықәс иалагазар ҩ-миллиардк мааҭ инеиҳаны ашәахтәшәарақәа еидыркалахьеит

2021 шықәса ари аамҭазы инагӡаз ашәахтәшәара аплан иаҿырԥшны, сынтәа уи 128% рыла еиҳахеит, ԥарала иааугозар, 450,5 млн мааҭ рыла еиҳаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. Аԥсны 2022 шықәса иалагазар ашәахтәшәара аплан 139% рыла инагӡоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит.
Ашәахтә ҳасабала ареспубликатә биуџьет ахь 2022 шықәса бжьымз рыҩнуҵҟала 2 060,2 млрд мааҭ ҭанагалеит, аҳәоит адырраҭара.
Ҵыԥх ари аамҭазы инагӡаз ашәахтәшәара аплан иаҿырԥшны, сынтәа 450,5 млн мааҭ рыла еиҳауп.
Ԥхынгәымзазы ашәахтәшәарақәа ралалара иартәеит – 517 мааҭ планла иарбаз 334,3 млн мааҭ рҭыԥан. Ԥхынгәымзазы аплан нагӡоуп 155% рыла.