Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи аус шеиҿкаау иазкны

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алаҳәара ҟанаҵеит 2022-2023 аҵарашықәс азы аспирантура аҭаларазы арзаҳалқәа шрыдыркыло. Академиа апрезидент Зураб Џьапуа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит, аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи аус шеиҿкаау.
Sputnik
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит иарбан хырхарҭақәоу Аԥсны аҩнуҵҟа иазыҟарҵар рылшо, иарбан - анҭыҵ ирышьҭуа. Џьапуа иҳәеит, аҵарадырра алызхуа рхыԥхьаӡара маҷзаргьы, даараӡа узықәгәыӷша аҿар шыҟоу, далацәажәеит астипендиа азшәара азҵаарагьы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.