Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәакәасқьыр аԥсшьаҩцәа ршәарҭара иазкны

Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа ршәаҭадара шаҟа ихьчоу, урҭ рыԥсшьара еилазго ахҭысқәа ҟамларц иҟаҵатәу, изхылаԥштәу рзы игәаанагара иҳәеит Амилаттә туристә еилахәыра аиҳабы Руслан Кәакәасқьыр.
Sputnik
Кәакәасқьыр иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи аамҭаз ҳтәыла асасцәа ршәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьхеит.
"Акыр имаҷхеит аԥсшьаҩцәа рырҳәрақәа, уи доуҳала иҟамлазар акәхап, азинхьчаратә усбарҭақәа русура иабзоуроуп. Асасцәа ршәарҭадара знапы иҟоу зегьы ҭакԥхықәрала иазнеиуеит, еиҳа еиҿкаауп. Иахьа аԥхьа иргыланы ҳасасдкылара ҳҽақәыршәаны аԥсшьаҩы ҳизнеироуп, ишахәҭоу иԥылара ҳалҳаршароуп", - иҳәеит Кәакәасқьыр.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.