АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахантәаҩы Алан Тадтаев ихьӡала адышшыларатә шәҟәы наишьҭит ақырҭцәа Цхинвал еибашьрала ианақәлаз аахыс 14 шықәса аҵра инадҳәалан.
"Абри агәырҩамш аҽны Аԥсны жәлар Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рхьаа рыцеиҩыршоит, иргәаладыршәоит хыԥхьаӡара рацәала аԥсҭазаарақәа зыхҭынҵаны иаагоу аиааира ахҭысқәа", - ҳәа аҳәоит анашьҭымҭаҿ.
Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыхьӡала Ашәба "Хәымштәи аибашьра" аан иҭахаз ргәакьацәа, Аахыҵ Уаԥстәыла иқәынхо зегьы дрыдышшылеит.
"Шәҳәынҭқарраҿы иҟалааит аҿиареи аизҳазыӷьареи уасхырс иамоу аҭынчра", - ҳәа азеиӷьашьара ҟаиҵеит Аԥсны Апарламент аспикер.
Қырҭтәыла нанҳәа 8 2008 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы. Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы ареспублика ар аланагалеит нанҳәа 12 рзы, Қырҭтәыла аҭынчра иазхьанарԥшырц иақәыӷәӷәо. Урыстәылеи Франциеи аимак аҭышәныртәалараз ф-принципк еицрықәшаҳаҭхеит (Медведеви — Саркозии рыплан).