Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи амилаҭбаталион "Кракен" аибашьратә лшара ацәыӡит

Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан Харьков, Морозов ихьӡ зху атехникум аҵакыраҿы зҽыҵәахны итәаз амилаҭеилыхцәа рцәыӡқәа 350-ҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Украинатәи анеонацисттә еиҿкаара "Кракен" урыстәылатәи ар ржәылара иахҟьаны аибашьратә лшара ацәыӡит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Харьковтәи ахырхарҭаҿы Урыстәыла АКМ мчрақәеи аракетатә ари украинатәи анеонацистцәа аамҭала иахьгылаз аҭыԥ иаехсит, уи иахҟьаны ирацәаҩхеит забџьар кажьны ибналази иҭахази. Украинатәи анеонацисттә еиҿкаара "Кракен" аибашьратә лшара ацәыӡит" ҳәа аҳәоит арратә дырраҭараҿы.
Ацәыӡқәа рхарҭәааразы "Кракен" акомандаҟаҵаҩцәа Харьков ауааԥсыра аиҿкаара иалаларц иадрыԥхьалоит аха макьаназ иқәҿиарадоуп ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿ.
Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан Харьков, Морозов ихьӡ зху атехникум аҵакыраҿы зҽыҵәахны итәаз амилаҭеилыхцәа рцәыӡқәа 350-ҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа.
Уи адагьы Харьков иахьаҵанакуа икылкаан ихысуа аракетақәа рыла ааха рыҭан 92-тәи амеханизациа зызуу абригада абаталиони УАМ аҵакыратә хьчара 113-тәи абригада 122-тәи абаталиони ргыларҭақәа. Аӷа ицәыӡқәа 150-ҩык аруааи 14 ак автомашьынатәии акәылӡтехникеи рҟынӡа инаӡоит.
Херсонтәии Николаевтәии аобластқәа рҿы Урыстәыла АКМ ажәылара рырҭеит УАМ 63-тәи амеханизациа зызуу абригада 105-тәии 106-тәии абаталионқәа. Иҭархоуп 70 милаҭеилыхҩи 14 ак автомашьынатә техникеи. Николаевтәи аобласт аҿы иара убасгьы иҭархоуп УАМ 35-тәи амшыншьаҟауаа рыбригада 18-тәи абаталион 30-ҩык аруааи 5-ак автомашьынатә техникеи.