АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны АҶА Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциеи атранспорттә милициеи ареспублика амшынтә баӷәазақәа рҿы зышәагаа маҷу аӷбақәа 10 агәаҭара иахрыжьит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Урҭ реиҳарак ишьақәыргылоу анормативқәа ирықәшәоит. Аԥра-мотортә шхәақәа руак аԥшәмеи апассаџьыри аиқәырхага шәҵатәы рымамызт. Урҭ аҟәарахьы ихынҳәырц рарҳәеит, аԥҟарақәа рзеиҭарҳәеит.
Акурорттә сезон аилашымҭаз аамҭа-аамҭала Аԥсны ақалақьқәа рымшынтә баӷәазақәа рҿы аӡсага хархәагақәа гәарҭоит. Арҭ рҩызцәа ареидқәа мызкахьы ҩынтә еиҵамкәа имҩаԥыргоит, аӡынразы – мызкахьы знык.