Арадио

Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы "Ахьӡ-Аԥша" аорден ианашьоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik. Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Абу-Иусуф Банов "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада исаит.
Атәыла иреиҳаӡоу аҳамҭа ианашьоуп 1992-1993 шш. раантәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан илшамҭақәеи Аԥсни Ҟарачы-Черқьесиеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи, активла ауаажәларратә ԥсҭазаара иалахәхареи рзы.
Аусԥҟа лаҵарамза алагамҭаз инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Нанҳәа 9 рзы Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Банов аорден инапаҿы ииркит.
"Ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ҳтәыла еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан иҟашәҵоз ацхырааразы. Шәара еснагь шәҳавагылан, шәыжәҩахыр ҳныруан. Уи иахьагьы иаҳныруеит", - иҳәеит Гәынба.
Абу-Иусуф Банов ареспублика анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит иусура ахәшьара иарҭаз азы.