Арадио

Лорткипаниӡе ақыҭатә турнир аҿы аиааиразы: абыржәтәи сцәаныррақәа акы иеиԥшым

Ихыркәшоуп ақыҭатә командақәа рыла ишьақәгылаз ашьапылампылтә турнир. Аиааира згаз Уарчатәи акоманда азыҟаҵаҩ, ахәмарыҩ Даҭо Лорткипаниӡе арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит ахәмарыҩцәа шеидикылаз.
Sputnik
Атурнир амҩаԥгараҿы злагала ыҟаз рацәаҩын, зегьы аӡәк иеиԥш уи иақәҿырҭит, аиааира иаҳгаз даара ҳаигәырӷьоит иҳәеит Лорткипаниӡе аефир аҿы.
Уарчатәи акоманда азыҟаҵаҩ еиҭеиҳәеит акоманда шеидикылаз, афиналтә еиԥылара иацыз ацәаныррақәа ртәы дазааҭгылеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.