Аԥсны

Амра аныӷәӷәоу: ашоура умысырц азы иҟаҵатәу

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа римнистрра иазгәанаҭоит шьыбжьон инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа амра ацәылара шшәарҭо.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ареспубликаҿ ишоурахеит, уи инадҳәаланы АҶА ареспублика ауааԥсыреи атуристцәеи рахь аҳәара ҟарҵоит ашоура аныӷәӷәоу амра ицәымларц. Абри атәы далацәажәеит Sputnik аинтервиу азҭаз АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа.
"Ашоура аныӷәӷәоу ауаҩы ихы иасыр алшоит амшын аҿы иҽикәабозар ма амра дцәызар. Ҳара агәаҭарақәа мҩаԥаагоит, ҳашхәақәа амшынхәҭа ихуп ауаа ргәы рҽанҵо, аиҳаракгьы асааҭ 12:00 - 17:00 ианрыҵанакуа", - иҳәеит иара.
Лабиа иажәақәа рыла, ашоура зхы иасыз ауаҩы иҽаникәабо аамҭазы дӡааҟәрылар алшоит.
Аҳақьым асаби ихы ашоура анасуа аҟазшьақәа дрылацәажәеит