Аԥсны

Ашоура ӷәӷәа аамҭа: аԥхынра абнатә былрақәа рҽырцәыхьчара шԥалшо

2021 шықәсазы Аԥсны абнатә мцакрақәа 1038 аҭыԥ рыман. 345 урҭ рҟынтәи ԥсабаратәқәан.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҵыхәтәантәи амшқәа Аԥсны ишьақәгылаз ашоурақәа ирыхҟьаны абнатә мцакрақәа рзы ашәарҭара ыҟоуп. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа.
Иара иазгәеиҭеит, абнаҿ амцакрақәа ҟалар шалшо апикникқәа рыбзиабаҩцәа аҵыхәанӡа идмырцәо амцақәа ирыхҟьаны.
"Амцакрақәа ҟамларц азы амцеиқәҵақәа рзы анышә кылжаатәуп, хаҳәла ихырҷатәуп. Апикник ашьҭахь амца хымԥада аӡы ақәҭәатәуп, анышә ақәыԥсатәуп".
Лабиа ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи рахь аҳәара ҟаиҵоит абнаҿ асаркьалых ԥаҭлыкақәа нырмыжьларц. Аԥаҭлыка амрашәахәа ианаршлак аҳаскьын-ҩа амца анаркыр алшоит.
Иҳәеит сынтәатәи аԥхынразы мцакрак шазгәаҭам – рашәареи ԥхынгәи амзақәа ӡысаамҭахеит азы.
"Аԥхынтә курорттә сезон аан аусбарҭа аҟәшақәа зегьы амцакратә шәарҭарақәа раԥырҟәҟәааразы аусура дырӷәӷәоит. Абри аамҭазы иаздырхиоит атехника, арезервтә ҟәшақәа", - иҳәеит апресс-маӡаныҟәгаҩ.
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Аԥсны абна амцакрақәа рзы
Абнатә мцакра ӷәӷәаан иаҭаххар зылшо аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥырго иҳәеит Лабиа.
"Араионқәеи ақыҭақәеи рнапхгаҩцәа ҳрацәажәоит еснагь иазырхианы иҟазарц аӡы, аԥслымӡ, амцарцәагатә хархәагақәа. Уи адагьы ихаданы ишазхьаԥштәу алаҳәаратә хархәагақәа рыҟазаара (ауаа рахыгара аҭаххозар)", - иҳәеит иара.
АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ иазгәеиеҭит ареспубликаҿ амцакрақәа реиҳарак аҭыԥ шрымоу ааԥынреи ҭагалани.
Арадио
Аршба: абылраҽацәыхьчара аԥҟара еилазго агәаҽанызаара анаҩс ахараԥса ршәароуп