Аԥсны

"Аԥсныеихамҩа" 15 километра аихамҩақәа дрыцқьеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10– Sputnik. "Аԥсныеихамҩа" 15 километра аихамҩақәа дрыцқьеит амҩахҵәаха Агәыӡера-Аӡҩыбжьа иахьаҵанакуа, иара убасгьы астанциа "Агәыӡера". Абри атәы аҳәоит анаплакы а-Телеграм-канал аҿы.
Аусурақәа рзы еиҿкаан абригада ҷыда. Уи напхгара аиҭоит Ричард Быҭәба. Аҵиаақәеи абардрақәеи рықәгара адагьы ирбылуеит, аҭыԥқәа гербицидла иқәыдрыцқьаауеит, акраамҭа ицқьазарц азы.
"Аҵлақәагь рыԥҟара анҳақәшәо ыҟоуп, избанзар урҭ амшцәгьаан аихамҩа ианаҳалар алшоит, иҟалоит адәыӷба анцо иақәҳаргьы", - иҳәеит Быҭәба.
Аҵиаақәа аихамҩа амаҵ ауреи агәаҭареи раан аԥырхага ҟарҵоит, аԥырхага ҟарҵоит иара убас адәыӷбақәа рныҟәараан, алаԥшҳәаа хырҩоит.