Ҳаԥсуа культура, жәлар рарҳәагақәа асоветтә аамҭазгьы даара гәахәарыла ирыдыркылон, иахьагьы ус иҟоуп, лҳәеит аиҿцәажәараҿы Чамагәуаԥҳа.
"Убриҟара ибзианы ҳрыдыркылеит, иҵәыуон ахәаԥшцәа ргәы иаахәаны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан амузыкаҭҵааҩцәа, дара иааины азҵаарақәа ҳарҭон, ирҳәон, заку усу иҟаҳҵо. Ашәақәа ахьаҳҳәоз иацкәашон, иацырҳәон. Ҳара ҳапрограмма беиоуп, иҟоуп аурыс, адыга ашәақәагьы, урҭ рҭоурых деилыркааразы ахҳәаақәа ҟаҳҵон анагӡара ҳалааганӡа. Ҳаԥсы ҳдыршьеит, ибзианы ҳрыдыркылеит", - еиҭалҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.