Аԥсны

Даур Ақаҩба Аԥсни Приднестровиеи ркультуратә усеицура азҵаарақәа дрылацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика акультуреи аҭоурыхтә ҭынхеи рмаҵзура аиҳабы Мариа Кырмызи авидеоеимадарала еицәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
"Иахьатәи аамҭазы арҿиаратә коллективқәеи аделегациақәеи рныҟәарақәа реиҿкаара ахьыуадаҩу азы, аганқәа еиқәышаҳаҭхеит егьырҭ аусеицуратә формақәа реиҿкаара", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Акультуратә усбарҭақәа рхадацәа еиқәшаҳаҭхеит аҩ-тәылак рхаҭарнакцәа алархәны акультура хырхарҭала имҩаԥгахо еиуеиԥшым асеминарқәа, аконференциақәа, ауснагӡатәқәа ишрылахәхо.
Даур Ақаҩба Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭеи Приднестровиатәи аҟазара аҳәынҭқарратә институти реинырра алыршара далацәажәеит.
Аԥсны
Даур Ақаҩбеи Никарагуа акультура аминистри онлаин-еиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит