Аԥсны

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡала Гагра араион игылоу абаҟақәа дырҽеиуеит

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш есышықәса иазгәарҭоит Аԥсны, нанҳәа 15 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡала Ԥсахара ақыҭаҿи Мамзышьха ашьхаҿи игылоу абаҟақәа нанҳәа 15 рзы еиҿыркаауеит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла, ԥхынгәымза анҵәамҭаз араион ахада Иури Хагәышь идҵала иаԥҵан Гагра ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵраз аныҳәатә уснагӡатәқәа реиҿкааразы акомиссиа ҷыда. Акомиссиа аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡбоуп Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡала Ԥсахара ақыҭаҿи Мамзышьха ашьхаҿи игылоу абаҟақәа реиҿкаара.
"Уажәы Виктор Шьершьелиа хатәгәаԥхарала еибашьуази ргәалашәараз амемориал ахьгылоу абаҳчамаҷ аҿы аусурақәа цоит. Уа иқәыргылоуп акәылӡмашьына. Нанҳәа 15 азы аԥсшьарҭа ҭыԥқәа еиҿкааххоит, ишьҭаҵахоит 350 метр-ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс, иргылахоит атәарҭақәа, еиҭаҳахоит ашәҭқәа, лашарала еиҿкаахоит. Абаҳчамаҷ Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡ ахҵахоит", - лҳәоит Гәынԥҳа.
Аҩбатәи аетап аҟны иазгәаҭоуп уа ахәыҷқәа рыхәмарҭа аиҿкаареи, хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡқәа зну агәалашәаратә ахаҳәҟьаԥсқәа рышьақәыргылареи.
Гәынԥҳа илҳәеит Аԥсны ахьчараз иааз раԥхьатәи ахатәгәаԥхаҩцәа ахьҭахаз аҭыԥ аҿы Мамзышьха иқәгылоу абаҟагьы шеиҿыркаауа.
"Аҵакыра еиҟаратәтәуп, абираҟқәа зхадыргыло ԥсахтәуп, агәара еиҭарҿыцны ириаҵәатәуп акәша-мыкәша", - лҳәеит лара.
Арадио
Џьопуа еиҭеиҳәеит Аԥсны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымшныҳәа шазгәаҭахо
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа хатәгәаԥхарала иеибашьуаз. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп. Леон иорден ранашьоуп 247-ҩык. "Агәымшәараз" амедал ранашьоуп 623-ҩык. Ҳхақәиҭра рхы ақәырҵеит 260–ҩык.
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз имш раԥхьаӡа акәны иазгәарҭеит 2012 шықәса нанҳәа 15 рзы. Абри амш аҽны иргәаладыршәоит ареспублика ахьчаҩцәа, ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит иҭахаз рбаҟақәа рҿаԥхьа.