Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аргәыни Аҩӡԥҳаи зҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рыцхырааразы

Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аҭаацәареи ахшареи рсоциалтә дгыларазы Очамчыратәи аҟәша аспециалист Асҭанда Аҩӡԥҳаи "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәыни арадиоефир аҿы еиҭарҳәеит зҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рҿы ашколхәыҷқәа реибыҭара атәы.
Sputnik
Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аҭаацәареи ахшареи рсоциалтә дгыларазы Очамчыратәи аҟәша аспециалист Асҭанда Аҩӡԥҳа аиҿцәажәараҿы еиҭалҳәеит зҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа ашкол ахь рымышьҭра мзызқәас иамоу атәы.
"Дыҟоуп ҳара аҵара ҳамҵаӡеит, ахәыҷгьы иҭахӡам зҳәо, дыҟоуп згәы бзиам, дыҟоуп ашәҵатәы имаӡам ҳәа дызмышьҭуа. Иаҳзааиуа аҭаацәа ҳрацәажәаны ахәыҷы ашкол ахь данырышьҭуагьы ыҟоуп. Аҭаацәагьы ииашаны урызнеироуп. Ахәыҷқәа маҷмызт ашкол ахь имцоз, аха иҳаргьежьыз рацәоуп. Еиҳарак ақыҭа хәыҷқәа роуп", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.
Агәыҳалалрартә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын еиҭеиҳәеит ашкол иазырхоу есышықәсатәи акциа атәы, иҳәеит уи зегь реиҳа игәцаракны ирымоу апроектқәа ишыруаку.
"Сынтәагьы акциа мҩаԥаҳгоит. Ашкол ахь ахәыҷкәа еиқәҳаршәоит. Аҩыгақәа, атетрадқәа рзааҳхәоит. Ҵыԥх 700-ҩык ахәыҷқәа еиқәыршәан. Ашәҟәқәа ҩуп абизнес уаа рахь, асоциалтә ҳақәа рҿы иҟаҳҵеит адырра. Ҳаԥшуп. Ари акциа раԥхьа иҳаргылоит ҳусураҿы. Иахьа ахәыҷқәа зегьы еиԥшызароуп. Закәанла ихьчатәуп дара", - иҳәеит Аргәын.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.