Акоронавирус аштаммқәа "омикрони" "дельтеи" ргибрид аарԥшуп Урыстәыла

Ачымазара авариант ҿыц атәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа анырра ӷәӷәаны ианаҭом.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. COVID-19 агибрид вариант, акоронавирус аштаммқәа "омикрони" "дельтеи" шьаҭас измоу, Урыстәыла иаарԥшуп ҳәа аанацҳауеит Роспотребнадзор.
"Дельтакрон" зыдбалоу ахаҿқәа ачымазара марианы ирхыргеит, ахәышәтәырҭахь инанамгеит.
"Уажәазы агибрид вариант шәарҭоуп ма атрансмиссиара рацәа амоуп ҳәа ззуҳәаша ҵаҵӷәы ыҟам", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Роспотребнадзор иазгәанаҭоит Урыстәыла иҟоу акоронавирус VGARus аштаммқәа рсистема амониторинг ишалнаршо оперативла урҭ рцәырҵреи ралаҵәашьеи аарԥшра, иахәҭахар – хра рыманы аҭак уснагӡатәқәа рымҩаԥгара.