Аԥсны

Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр диԥылеит

Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников аусутә зҵаарақәа рыӡбразы Аԥсныҟа дааит аԥшьашаҽны нанҳәа 11 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови еиԥылеит.
"Мҩашьарада исҳәоит, аԥсуа жәлари Аԥсны иаҭаауа Урыстәыла атәылауааи шәаара аус бзиақәеи алҵшәақәеи адырҳәалоит. Аиаша сҳәоит, избан акәзар, шәара напхгара зышәҭо аусбарҭеи шәусура азнеишьеи агәыӷра ҳарҭоит ҳҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа нагӡахоит ҳәа", - иҳәеит атәыла ахада.
Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ааԥхьаразы иҭабуп иҳәеит.
"Иаахтны исҳәоит- анырра ӷәӷәа соуит. Атәылеи, аԥшӡареи, аԥсабареи, асасдкылареи рымацара азы акәым, иҟаҵоу аусқәа рзгьы. 13 шықәса ирылагӡаны Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраарала ареспубликаҟны инагӡоу аусқәа маҷӡам, еиҭашьақәыргылоуп 500 хыбра инеиҳаны. Сара иахьа иҟаҵоу ахыбрақәа акык-ҩбак сырҭааит", - иҳәеит иара.
Решетников иазгәеиҭеит, Аинвестпрограммала инагӡоу апроектқәа зегьы ибзианы ишыҟаҵоу. Иахьа аминистр даҭааит 2014 шықәсазы еиҭашьақәыргыланы ахархәарахь ирыҭаз Афонҿыцтәи ашколи Аԥсуа адраматә театри.
Аԥсны
Максим Решетников дырҭааит урыстәылатәи ацхыраара иабзоураны идыргыло аобиектқәа
Решетников иажәақәа рыла, уажәшьҭарнахыс атәылақәа русеицура Аԥсны иамоу аекономикатә лшарақәа зегьы анагӡара иазырхахоит.
Аԥсныҟа усутә ныҟәарыла иааз Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников дырҭааит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи Аинвестпрограммеи рыла еиҭашьақәыргылаз аобиектқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп апринц Ольденбургтәи ипарк, Гагратәи агәашьаркыра, астанциа маҷ "Гагра-1", Гагра араион ацрыҵрыцқьаратә ргыларақәа, иара убас Афонҿыцтәи ашкол, Аԥсуа адраматә театр.
Аԥсны
Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Аԥсны дыҟоуп