Аԥсны

Аинвестпрограммеи аинвестициақәеи: Бжьаниеи Решетникови реиԥылара алҵшәақәа ахҳәаа арҭеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови еиԥылеит аԥшьашаҽны нанҳәа 11 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови реиԥылара алҵшәақәа ахҳәаа арҭеит.

"Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, иара убас Аинвестициатә проектқәа рынагӡара. Аԥсны аенергетикатә шәарҭадара аиҿкааразы азҵаарақәа ҳарзааҭгылеит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников иазгәеиҭеит, Аԥсны иаҭаара аҵак ду шамоу, избан акәзар, ара хаҭала дырҭааны игәеиҭоит Аинвестпрограммала еиҭашьақәыргылаз аобиектқәа, иара убас зыргылара иаҿу ахыбрақәеи.
"Адҵа ду ҳҿаԥхьа иқәгылоуп- Аԥсны аҵакыраҟны аинвестициатә проект дуқәа рынагӡаразы "адаҟьа ҿыц" аартра, избанзар, урыстәылатәи абизнес аинвестициақәа рыҟаҵара иазыхиоуп, раԥхьа иргыланы атуризм ахырхарҭахь. Аҭаххара шызҳаз аабоит, иуникалтәу алшарақәа ыҟоуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр диԥылеит
Аиԥылараҟны иалацәажәан аинфраструктуратә проектқәа- афымцеи аӡи рыла реиқәыршәара, иааидкыланы Аԥсны аекономҿиара азҵаарақәа, иҳәеит аминистр.
"Урыстәыла ацхыраара ҟанаҵон, иҟанаҵоит, ус ицхыраалоит Аԥсны ибеиоу, зшьапы иқәгылоу тәыланы иҟаларц, уи амҩагьы ҳануп", - иҳәеит Решетников.
Уажәазы аганқәа рзы ихадоу дҵоуп- аурыс-аԥсуа бизнес злахәхар алшо аинвестициатә проектқәа рынагӡара, иҳәеит аминистр.
Аԥсны
Максим Решетников дырҭааит урыстәылатәи ацхыраара иабзоураны идыргыло аобиектқәа