Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны нанҳәа 9 рзы имҩаԥган сынтәа зыԥсҭазаара иалҵыз аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Цира Габниаԥҳа лышәҟәы "Амифи аритуали" актәи атом аӡыргара. Уи еиднакылоит аҵарауаҩ лыҭҵааратә усумҭақәа, аенциклопедиатә статиақәеи афольклортә нҵамҭақәеи.
"Ашәҟәы иамҽханакуеит аԥсуаа рдоуҳатә культура амахәҭақәа жәпакы. Уи аҵасқәа, ақьабзқәа, адунеихәаԥшышьа, уҳәа аматериалқәа аенциклопедиа ҳасабала аԥсуа ԥхьаҩы изнагахоит. Иаҳҳәап, аԥсуа диины адунеи данықәла инаркны иеҵәахә кыдшәаанӡа иныҟәиго аҵас, ақьабзқәа, икәша-мыкәша иҟоу аԥсабара шеиликаауа, уи инаҭаз ахәыцрақәа, абарҭ зегьы-зегьы иааилацаланы аԥсуа ԥхьаҩы изналгарц хықәкыс ишьҭылхит автор. Сара сгәанала, уаҳа наҭахымкәа иналыгӡеит", - иҳәеит Коӷониа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.