Аԥсны

Нанҳәамзазы ҵыԥх абри аамҭа иаҿырԥшны аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ауаа еиҳа ирацәоуп

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы акурорттә сезон аан иара иамоу алшарақәа раасҭа ақәыӷәӷәара фынтә еиҳахоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Ганрацәалатәи автомашьынатә аушьҭырҭатә ҭыԥ ақәыӷәӷәара сынтәа 10% рыла еиҳауп ҵыԥх аасҭа, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи ақалақьтә маҵзура.
Аԥсшьарамшқәа раан уи еиҳагьы еиҳахоит. Наҟ-ааҟгьы иахысуа автомашьынақәа рхыԥхьаӡара 11 000 ыҟоуп, ауаа – 64 000-ҩык. Убри аан аҳәаа алшарақәа 1500 транспорттә хархәагеи 28 000-ҩык ауааԥсыреи роуп.
Иаҳхысыз аԥсшьарамшқәа раан аҳазалхратә гәаҭара иахысит 21 000 автомашьына, 125 000-ҩык ауааԥсыра.
Аушьҭратә лшара иахьынӡалшо азырҳаразы атранспорттә мҩаҿы ареверстә ныҟәара еиҿыркаауеит, аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара иацырҵоит.
Лаҵарамзаахыс аҳәаа иахысхьеит: 4,2 миллионҩык ауааԥсыреи миллионк атранспорттә хархәагақәеи (31 нызқь екскурсиатә автобусгьы абрахь иналаҵаны). Ашықәс иалагазар аҳәаа иахысит 7 миллионҩык ауааԥсыреи 1,6 миллион машьынеи.
Аԥсны
Гәынбеи Маслови аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариара иалацәажәеит