АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Акомпозитор Нодар Ҷанба имузыкатә рҿиамҭа "Аԥсуа реквием" аԥхьарбаратә нагӡара мҩаԥысуеит нанҳәа 14 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҿы. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Нодар Ҷанба.
Амузыкатә рҿиамҭа шьаҭас иамоуп аԥсуа поетесса Гәында Сақаниаԥҳа Кавказтәи аибашьра ашьҭахь зыԥсадгьыл нзыжьыз амҳаџьырқәа ирызку лажәеинраала.
"Ареквием аидеиа акырҵуеит иҟаижьҭеи. Ари машәырым. Ареквием амҳаџьырра атема иадҳәалоуп. Ҳәарада, ари ахьаа аԥсуаа зегьы ирхьаауп. Аха, уи ахьаа амузыкала ишԥаарԥштәу? Акыр иуадаҩуп. Акыршықәса сазхәыцуан. Сидеиа аӡбахә Гәында Сақаниаԥҳа иласҳәахьан. Исҳәар сҭахуп ажәеинраала зеиԥш ыҟам рҿиамҭоуп ҳәа. Иажәеинраала мацарам – ипоемоуп, ажәлар ргәаҟра ашәоуп",- иҳәеит Ҷанба.
Ареквием нарыгӡоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә капелла, аоператә шәаҳәаҩцәа, акласссикеи жәлар рмузыкатә рҳәагақәеи азырҳәо амузыкантцәа.
"Акапелла адагьы аконцерт иалахәуп ашәаҳәаҩцәа: Нана Черқьезиаԥҳа, Елена Анқәабԥҳа, Алиас Абыхәбеи Алхас Ферзбеи, аскрипкарҳәаҩ қәыԥш Емилиа Терзиан-Ҳагԥҳа, Анастасиа Курочкина - афлеита. Ахархәара асҭеит аԥхьарца - Радима Џьыкырԥҳа иалырҳәоит, аҿарпын алырҳәоит - Софиа Кисетова", - иҳәоит Нодар Ҷанба.
Уажәы арепетициақәа мҩаԥысуеит. Ҷанба игәаанагарала, Аҳәынҭқарратә капелла азы ари ԥхьаҟацароуп, избанзар, амузыка ацәанырратә ҟазшьа адагьы техникатә ҟазшьала ихьанҭоуп.
Аԥхьанатә аԥхьарбара лаҵарамзазы- Кавказтәи аибашьра анҵәара Амш аҽны иазгәаҭан, аха усҟан иахыгатәхеит.