АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Нанҳәа 10 азы, аоператив-ԥшааратә усурақәа раан даанкылан 2021 шықәса мшаԥымзаахыс изышьҭаз Гурам Анқәаб, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Ацәгьоура ҟалеит хәажәкыра 7 2021 шықәсазы. Аусҭҵаара адыррақәа рыла 2021 шықәса хәажәкыра 7 асааҭ 03:30 рзы, Анқәаб, Мургвлиани, зхаҭара шьақәыргылам аҽаӡәи ареактивтә граната РПГ-26 ала рҽеибыҭаны Аҟәа, Аргәын имҩа аҩны №4 аҿы иҟоу Аԥсны ААР амилициа аҟәша №1 иақәлеит.
Ацәгьоуцәа убри аан ибзианы ирдыруан ахыбраҿы амчра ахаҭарнакцәа рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡара ишаҿыз.
2021 шықәса цәыббра 2 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Муза Мургвлиани фышықәса аҭакра иқәнаҵеит.
Гурам Анқәаб иаанкыларазы аоперативтә ԥшаарақәа рылаҳәан 2021 шықәса мшаԥы 13 азы. Уажәы иӡбахоит иаанкыло ирбаандаҩра азҵаара, ирыцҵахоит ауснагӡатәқәа ацәгьоура иалахәыз ахԥатәи ахаҿы ишьақәыргыларазы.