Аԥсны

Арда Ашәба Аҟәатәи амҩақәа ахьӡқәа рыҭаразы иаԥҵоу ауаажәларратә комиссиа напхгара аиҭоит

Аҟәатәи ақалақьтә еизараҟны амҩақәа ахьӡқәа рыхҵареи, амҩақәеи, апроспектқәеи, абжьысырҭақәеи, амҩабжьахалақәеи, апаркқәеи, абаҳчахәықәеи, абульварқәеи, ашҭақәеи рыхьӡқәа рыԥсахреи, агәаларшәагатә ӷәқәа ркыдҵареи рзы иаԥҵоу ауаажәларратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба Аҟәатәи амҩақәеи, апаркқәеи, абаҳчахәыҷқәеи ахьӡқәа рыҭареи, урҭ рыԥсахреи рзы иаԥҵоу ауаажәларратә комиссиа напхгара аиҭоит. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь асаит.
Аҟәатәи ақалақьтә еизараҟны акомиссиа аԥҵан ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы. Уи иалахәуп аҵарауаа, аполитикцәа, ауажәларратә усзуҩцәа, зынӡа жәҩык.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара ишьақәдырӷәӷәаз аусԥҟа инақәыршәаны, акомиссиа алахәылацәа рхыдҵақәа абас еиԥш иҟоуп:
Аҟәатәи амҩақәа ахьӡқәа рыхҵареи, амҩақәеи, апроспектқәеи, абжьысырҭақәеи, амҩабжьахалақәеи, апаркқәеи, абаҳчахәықәеи, абульварқәеи, ашҭақәеи рыхьӡқәа рыԥсахреи, агәаларшәагатә ӷәқәа ркыдҵареи рзы иааиуа азыҳәақәа ахәаԥшра,
Аҟәатәи амҩақәа ахьӡқәа рыхҵареи, амҩақәеи, апроспектқәеи, абжьысырҭақәеи, амҩабжьахалақәеи, апаркқәеи, абаҳчахәықәеи, абульварқәеи, ашҭақәеи рыхьӡқәа рыԥсахреи, агәаларшәагатә ӷәқәа ркыдҵареи иаԥсоу иаԥсами рзы алкаа аҟаҵара, анаҩс аӡбамҭа адкыларазы Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь анашьҭра.
Аҟәатәи ақалақьтә еизараҟны "Аҟәа амҩақәа ахьӡқәа рыхҵареи, амҩақәеи, апроспектқәеи, абжьысырҭақәеи, амҩабжьахалақәеи, апаркқәеи, абаҳчахәықәеи, абульварқәеи, ашҭақәеи рыхьӡқәа рыԥсахреи, агәаларшәагатә ӷәқәа ркыдҵареи рзы" иаԥҵоу акомиссиеи дареи русура еимадазарц.