Аԥсны

Аԥсны афорум "Армия-2022" аҿы абџьар хкы ҿыцқәа ддырбоит

Афорум Аԥсны аҿы аиԥш Ермантәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҵакырақәа рҿы иҟоу урыстәылатәи арратә базақәа рҿы имҩаԥгахоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аладатәи арратә округ абџьархк ҿыцқәа ддырбараны иҟоуп арра-техникатә форум "Армия-2022" аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

Афорум мҩаԥысуеит нанҳәа 19 - 21 рзы Гәдоуҭа апарк "Патриот" аҵакыраҿы, иаартызаауеит асааҭ 10:00 инаркны 17:00 нӡа.

Ацәыргақәҵа асасцәа ирылшоит акәыр зҵоу арратә техника, ахысга бџьар, акәылӡтранспартиорқәа БТР-82АМ, азенит-ракетатә комплексқәа, аицҭырҟьара-ракетатә системақәа "Град", акәылӡавтомашьынақәа "Тигр", абзарбзанқәа, аимадаратә станциақәа, атанкҿагыла ракетатә комплексқәа уҳәа абџьархкқәа рбара.
Иара убасгьы афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит агәмырҿыӷьратә уснагӡатәқәа, аспорт-арратә хәмаррақәа.
Афорум Аԥсны аҿы аиԥш Ермантәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҵакырақәа рҿы иҟоу урыстәылатәи арратә базақәа рҿы имҩаԥгахоит.
Аладатәи арратә округ аруаа "аӷа" ишьаҟар ршьаҽит Аԥсны ашьхараҿы