Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭыжәԥҳа еиҭалҳәеит абызшәазы ахәыҷбаҳчақәа рҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы

Ашколқәранӡатәи аҵараиурҭаҿы ахәыҷқәа разыҟаҵараан ааӡаҩцәа ирԥыло ауадаҩрақәеи, урҭ раԥыхразы рхы иадырхәо аметодикақәеи ртәы дазааҭгылеит ахәыҷбаҳча "Алашара" аиҳабы Мадина Ҭыжәԥҳа.
Sputnik
Аҟәа ақалақь иаҵанакуа ахәыҷбаҳчақәа рметодистцәеи рнапхгаҩцәеи злахә "Арҵаҩцәа рҟазаратә школ" аартуп.
Ҭыжәԥҳа дазааҭгылеит акурсқәа ҵакыс ирымоуи, урҭ русураҿы рхы ишадырхәои.
Ахәыҷбаҳча "Алашара" аиҳабы илҳәеит цәыббрамза ааира дшәаны дшазыԥшу, избанзар ахәыҷқәа абызшәа азы ирымаз ахьысҳарақәа еиҳагьы ишырныԥшуа. Ҭыжәԥҳа лгәаанагарала, ахәыҷқәа зынӡагьы ацәажәара иаҟәыҵит.
Ашколқәранӡатәи аҵараиурҭа аиҳабы лажәақәа рыла, абызшәазы иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы иҟоу апрограммақәа зегьы - ахархәара рымазароуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.