АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik. Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан зыргылара иаҿу арыцқьаратә ргыламҭақәа Аинвестпрограмма имҩаԥысуеит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
"Аусурақәа актәи аетап хыркәшоуп. Ашьаҭақәа ҭарҭәан, амыругақәа рыхәҭак аахәоуп. Уажәазы аус зуа ажәытә системоуп, аха уи акырӡа иқәсхьеит", - иҳәеит иара.
Ҵышәба иҳәеит Гагра ақалақь иахьаҵанакуа иҟоу аканализациатә ҭгагатә станциақәа ахархәарахь рыҭара ишазыхиоу.