Нанҳәа 14 Аԥсны иалахьеиқәроу гәалашәаратә мшуп. 1992 шықәсазы уи аҽны аихамҩа ахьчара ҿарԥас иҟаҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иҭалеит. Аибашьра цон 413 уахи-ҽни. Ихыркәшахеит Аԥсны ахақәиҭтәрала, цәыббрамза 30, 1993 шықәсазы.
"Гагра ақалақь аҩныҵаҟа иҟоу абаҟақәа рахь ҳнеиуеит, ашәҭқәа шьҭаҳҵоит. Имҩаԥгахоит амитинг. Ахәылбыҽха амра анынҭашәо Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа ақалақьуаа, ауаажәларратә усзуҩцәа алархәны агәалашәаратә хәылԥазы амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп", - лҳәеит Гәынԥҳа.
Лара убасгьы еиҭалҳәеит хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз рбаҟақәа араион аҟны реиҭашьақәыргылара, рырҿыцра шымҩаԥысуа, убасгьы дара рыхьӡ шахҵахо Ԥсахара ақыҭа рбаҟа ахьгылоу ашҭа. Убасгьы Мамзышьха иҟоу абаҟаҟны аиҿкааратә усурақәа мҩаԥысуеит, лҳәеит Гәынԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.