Аԥсны

Аинвестпрограмма аԥсуа бизнес иацхраауеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Вольвач

2023-2025 шықәсқәа рзтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз ацхрааразы (Аинвестпрограмма) аиқәшаҳаҭра анапы аҵеиҩын нанҳәамза алагамҭазы Москва.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13- Sputnik. 2023-2025 шықәсазтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма иарбоуп аҭыԥантәи абизнес ацхраара, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аекономикатә ҿиараз аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
"Аҳәынҭқарра апрограммақәа иреиуоуп - аҭыԥантәи абизнес ацхраара", - иҳәеит иара.
Аҳәынҭпрограмма иазгәанаҭоит акредит аҭареи ареспублика афинанстә система арӷәӷәареи, ареспубликатә бизнес азы амаругақәеи иахәҭоу амаҭәахәқәеи раахәаразы рныхрақәа ахарҭәаареи.
Уи адагьы, иазгәаҭоуп ақыҭанхамҩа иадҳәалоу ахыбрақәа рыргыларазы рныхрақәа рхарҭәаара.
Аԥсны
Вольвач: аинвестициақәа рыда Аԥсны аекономика аҩаӡара ашьҭыхра залшом