Алаҵа "Спутник" акоронавирус ахкқәа ҿыцқәа рацәыхьчаразы еиҭарҿыцуп

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра адунеи аҿы ираԥхьатәиу COVID-19 иаҿагыло алаҵа "Спутник V" нанҳәамза 2020 шықәсазы ашәҟәы иҭаргалеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13- Sputnik. Урыстәыла иаԥырҵеит "омикрон" ахкқәа ҿыц рҟынтәи ахьчара зылшо алаҵа ҿыц, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рмилаҭтә центр адиректор Александр Гинцбург иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Алаҵа "Спутник V" ахьаԥҵоу ашьаҭала иҟаҵоуп, ахьӡгьы шыҟац иаанхоит, агенҿагыларақәа реилазаашьа ауп еиҭарҿыцу.
Акоронавирус аштаммқәа "омикрони" "дельтеи" ргибрид аарԥшуп Урыстәыла
Гинцбург иажәақәа рыла, алаҵа аҿкы ахкқәа "дельта", "омикрон" реишьҭанеишьа алоуп, агәаанагара ыҟоу, уи арҭ аштаммқәа реиԥш аваринат ҿыц ВА.5 аҟынтәгьы ахьчара алшоит ҳәа.
"Алаҵа "Спутник V" ахьаԥҵоу ашьаҭала иҟаҵоуп, ахьӡгьы шыҟац иаанхоит, агенҿагыларақәа реилазаашьа ауп еиҭарҿыцу. Иҿыцу лаҵоуп ҳәа ахҳәаара ииашам, избанзар, есышықәса агрипп аҟынтәи алаҵа аныҟаҳҵо, уи аилазаашьа ԥсахуп, аха алаҵа ҿыцуп ҳәа аӡәгьы иазиҳәом", - иҳәеит иара.
Урыстәылатәи азакәан инақәыршәаны, алаҵа аклиникатә ԥышәара иахыжьтәуп 5-6 мзы рыҩнуҵҟа, уи аамҭа иалагӡаны аҿкы ахкы ҿыцқәа цәырҵыр алшоит, ҳәа агәаанагара имоуп Гинцбург. Уи аҟынтә, Гамалеи ихьӡ зху ацентр аҟны ргәы иҭоуп агрипп алаҵа аштамм аԥсахра аамҭаԥҵәа ала иҟарҵарц, уи хымз роуп ҿҳәарас иамоу.
Аиммунолог еиҭеиҳәеит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц аҷыдарақәа