Аԥсны

Баслаҭа аӡиас аӡыршьҭра ахатәыҩнқәа иреиҩыргеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Баслаҭа ақыҭан аӡиас дрыцқьоит, аӡыршьҭра дыриашоит, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа араион ахадара.
Аусурақәа мҩаԥыргоит 850 метра, урҭ рхыркәшара иааиуа амчыбжь азы иазгәаҭоуп. Иахьазы аӡиас аӡыршьҭра ԥсахуп, - ахатәыҩнқәа иреиҩыргеит.
Баслаҭа аӡиас акаршәраҿы ииасуеит ахәарсҭақәа рацәаны иамоуп, ақәаршыҩ анлеиуа аиԥынчыларақәа ҟалоит. Уи иахҟьаны аӡы шьҭыҵуеит, ауааԥсыра рыҩнқәа ирыҩналоит.
Убас, нанҳәамза алагамҭазы амшцәгьақәа ирыхҟьаны аӡиас шьҭыҵит, ахатәыҩнқәа 11 ааха рынаҭеит. Ақыҭа ахада Родик Зеҭба иажәақәа рыла, аҭаацәарақәа зегьы аҳәынҭқарра ацхыраара рынаҭеит.