Еиҳарак ашьхатәи аԥсшьара залаҳхыз ахәыҷқәа ргәабзиара арӷәӷәаразоуп, ус аҳақьым иҳабжьалгеит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Џьопуаԥҳа.
"Ахәыҷқәа рааӡарҿы, рҟазшьа ашьақәыргылараҿы аҭыԥ ӷәӷәа аанакылоит ашьха. Ииашоу ахәыцрақәа убра иаатуеит. Ара ҵаҟа ҳаныҟоу, иҳамоу ауадаҩрақәа, уа ҽакала уахәаԥшуеит, еилыукаауеит аԥсҭазаараҿы зегьы реиҳа ихадоу- ахыхьчара, аҭынчра шакәу. Ахәыҷқәа ҳаманы ныҟәара ҳцозар, урҭ ааԥсар рылшоит, аҵәыуара иалагар ауеит, аха убра дара охала иазнеиуеит, ишычҳатәу, рхы рнапаҿы иааганы имцар ада ԥсыхәа шыҟам", - еиҭалҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.