Аԥсны

Ҩыџьа ауаа аахақәа роуит Очамчыра иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13- Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни ртәылаауаа аахақәа роуит Очамчыра иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны, аанацҳауеит АҶА.
Аиқәырхаратә усбарҭа адыррақәа рыла, амҩатә машәыр ҟалеит ахәашаҽны нанҳәамза 12 рзы, ареспубликатә мҩаду Кындыӷ ақыҭа иахьаԥну. Ҩ-машьынак ааихеит.
Ааха зауз ауаа Агәыӡератәи ахәшәтәырҭахь инагоуп.