Аԥсны

Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника ахыб амца акит

Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника гылоуп Лакоба имҩаҿы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника ахыб амца акит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аҭыԥ аҿы аус руан аусбарҭа амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба.
Абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа, ақалақь ахада Беслан Ешба.
Ҩынҩажәа минуҭ ирылагӡаны амца ырцәан. Аӡәгьы ааха имоуит.