Аԥсны

Ашәалеи бџьарԥынҵалеи еибашьуаз: Аркади Кархалаа игәаларшәаразы

Апоет, аибашьҩы, ашәаҳәаҩ Аркади Кархалаа инысымҩеи ирҿиареи ирызкуп апоет Анатоли Лагәлаа ианҵамҭа.
Sputnik
"Уи деибашьҩын, аха зегь раԥхьа иргыланы дызлеибашьуаз, иара еиҳа дызмараз иабџьар хада акәын апоезиеи амузыкеи. Апозициаҿ дахьыҟаз, еимгеимцарак анааҟалалак, аибашьцәа ргәы рхаҵо ажәеинраалақәа дрызрыԥхьон, игитара аашьҭыхны ашәақәа рзиҳәон. Уи шьардаӡа аҵанакуан усҟантәи аамҭазы."
Витали Амаршьан
Сара ааигәа иаҳхаагаз аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иазку ашәақәа акыр сырзыӡыҩрхьеит, ажәеинраалақәагьы акыр срыԥхьахьеит, аха урҭ рахьтә Аркади Кархалаа амцаԥшь далагылан ииҩыз ашәақәа иреиӷьӡақәоу рахь исшьоит. Иҟалап, уи зыбзоуроу иара илаз абаҩхатәра аибашьра аан имҿыхар, инамырҳәар, инамырҩыр амузар. Ҳара уи аҷкәын уаанӡа ус иҟоу ажәеинраала бзиақәа иҩхьазҭгьы иҳаҳарын, иаабарын, акьыԥхь аҿы ицәырҵрын, аха мап, ҳара урҭ "анҳалс", ҳхы-ҳгәы ианҭыс, мцаны ианҳацрала, ҳанырблы аибашьра аани уи ашьҭахьи роуп! Ус анакәха, ҳара шьҭа ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҳалшоит ари аҟазара аибашьра иаццәырҵит, аибашьраҿ "излаԥшыз" ицәырнагеит ҳәа.
Аркади Кархалаа
Апоет иажәеинраала "Аибашьра иалиааз" аниз нахыс иара ихьӡ Аԥсны зегь иахнарҵәеит, аԥсуа ифырхаҵара, игәымшәара, игәаӷь, зегьы еизакны џьарак ианыԥшит... Абраҟа иаазгоит уи ацыԥҵәаха:
Аԥсадгьыл аҿаԥхьа изшәода ауал, -
Агәаҟроуп измам ҵыхәаԥҵәарак.
Ахьӡ аӡә даргәаҟуеит, ҽаӡә дашьҭоуп амал,
Анацәа ирцәыӡуеит рыхшара...
Иқәыԥшыз дышқәыԥшу наӡаӡа дынхеит,
Наунагӡа иҟоу акгьы ыҟам...
Иан иналеиҳәеит: "Бысцәымшәан, схынҳәуеит!"
Уи уаҳа дгьежьышам иҩныҟа!
Хьӡы игарцоуп усгьы ахаҵа дзиуа,
Идыруеит уи дшыҟоу аамҭала...
Аԥсуаагь иҳаман зыԥсадгьыл зҭиуаз,
Иҿаҳхуа иахьа ҳара ҳшьала...
Идыруп, урҭ рыхьӡ аҳәара иаԥсаӡам,
Ибашақәоу мҩасып ус баша...
Игылап ҩаԥхьа аҿар ҟатаӡа,
Анацәа ргәахәра зырӷьаша...
Аркади Кархалаа иажәеинраалақәа реизга "Аԥра шкәакәа", сара ибзиан исгәалашәоит, сҩыза бзиа Аԥсны жәлар рпоет Витали Амаршьан инапаҿы раԥхьаӡа ианнанагаз шаҟа дгәырӷьаз:
"Аиаша уасҳәап, иԥсы ҭаны ҳредакциа ашәхымс даахыҵызшәа збеит! Абри аҷкәын, акгьы имыхькәа деиқәхазҭгьы, хымԥада, даара иҵегь аҩымҭа бзиақәа ҳзаԥиҵон. Уи акәиц бзиа илан, агәгәаҳәа амца ахылҵаанӡа, ҳаӷа мыжда ихы даҿашәеит..."
Аркадий Кархалаа
Сара исаҳахьан уи арԥыс еиҿамс иҭахашьа, акырынтә сырзыӡыҩрхьан аибашьраан иаԥиҵаз иашәа ссирқәа, исҭахын иҵегь ирҿиамҭақәа сыргәылаԥшырц, ихьаа саргьы исыцрасҵарц, сҽасырблырц.
Витали Амаршьан ибзоурала, иара иаԥхьажәа бзиа ацҵаны, снапы иакит апоет гәлымҵәах, аибашьраан сзыҿгәыҳәааны зашәақәа сырзыӡыҩруаз Аркади Кархалаа ишәҟәы.
Аркади Кархалаа ишәҟәы "Аԥра шкәакәа".
Уи аатуеит Витали Амаршьан иԥхаӡа иҟоу, иахьагьы сгәы ихааӡа иҭоу, алабжыши агәырҩеи злыжжуа "Апоет ҿа иԥра шкәакәа" захьӡу иаԥхьажәа ала:
"Аркади Кархалаа ааигәа иаҳхаагаз аибашьра ҟалаанӡагьы атәылахьчара иазкыз аԥсуа гвардиа далалахьан. 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Аԥсны иақәлаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Охәыреи ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥан бџьармцала ирҿагылаз ҳарԥарцәа ӷьеҩқәа дреиуоуп. Аибашьраан уи Лакәыт Зарандиа командирс дызмаз абаталион аҿы "Капелла" захьӡыз авзвод анапхгаҩыс дыҟан. Иара ихаҭагьы амузыкеи ашәаҳәареи мыцхәы дшазҿлымҳаз гәазҭаз иҩызцәа ихыхәмарны хьыӡшьарас "Капелла" ҳәа иарҳәон. Уи ауп аханатә ивзводгьы уи хьӡыс изаиуз. "Аԥра шкәакәа" зыхьӡны иҭыҵыз Аркади Кархалаа раԥхьаӡатәи ишәҟәоуп. Уи еиднакыло ажәеинраалақәа ирныԥшуеит алирикатә фырхаҵа игәыцқьара, иуаҩра, ипатритизмра. Апоет ҿа иҩымҭақәа макьана ирыгу ыҟазаргьы, аԥхьаҩ агәра игоит урҭ ацәанырра цқьа ишахылҵыз, аԥсҭазаара агәеисраҟынтә ишаауа. Ус иҟоуп аиҳаракгьы ааигәа иаҳхаагаз, макьанагьы зҟыба-ӡыба ҳалымҵыц аибашьратә хҭысқәа ирызку иажәеинраалақәа."
Ашәҟәы злаатуа ажәеинраала "Аԥра шкәакәа" иагәылоуп гәыӷрыла иҭәу апоет ҿа 1980 шықәсазы ииҩыз абри аҩыза ацәаҳәақәа:
Иҭшәахеит, сазкуам са суада,
Амшын дуӡӡа иххалт сыԥсы.
Аԥра шкәакәа, аԥра шкәакәа,
Уласы, уара, уласы.
Аамҭа цоит исамраӡакәа,
Суҳәоит, аамҭа, умыццакын.
Схәыцра иалоу аԥра шкәакәа
Салахылароуп амшын!
Аркади Кархалаа, апоетесса Лиолиа Тәанԥҳа леиԥш, иуҳәар ауеит жәеинраалак, ашәак дыҭнагеит ҳәа... Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит Лиолиа "Мамзышьха, Мамзышьха" ҳәа иалаго лажәеинраала "Аиааира" анылҩы нахыс, шаҟа ирласны ишьҭырԥааз ажәлар, амҵәыжәҩақәа аиут уи ашәа. Иуҳәар ауеит уи ашәаны иит ҳәа, ҳкомпозиторцәа бзиақәа Кәасҭа Ченгелиеи Тото Аџьапуеи иаразнак амҵәыжәҩақәа арҭеит, аԥсы ахарҵеит, аибашьра хлымӡаах шцозгьы, акы иааннамкылаӡакәа, ҳаӷа иргьы "ирылсны" Мрагыларатәи афронт аҟынӡа инеит, уаҟатәи аибашьцәа ргәы шьҭнаԥааит, напышьашәала атанк иаԥыланы идырҭаслымуа аҟынӡа рыгәқәа арӷәӷәеит!.. Убасҵәҟьа "аус руит" Аркади Кархалаа аибашьра иазку иашәақәагьы, насгьы, иазгәаҭатәу, урҭ автор жәеинрааланы ианиҩлак ашьҭахь, аҭабиақәа рҿы, ашәахь иара ихаҭа ииаигон, иара ихаҭа иагьынаигӡон! Уи еиҳагьы ажәлар ргәы шьҭнахуан".
Аркади Кархалаа иҩызцәа рыгәҭа
Апоет ҿа данҭаха ашьҭахь, ажурналист Нугзар Салаҟаиа даара игәыҿкаагаз игәалашәара аниҵеит агазеҭ "Аԥсны." Абраҟа иааҳгоит уи ацыԥҵәаха:
"Изаамҭаӡамкәа ҳаӷацәа зиеҵәахә кыддыршәаз Аркади Иасон-иԥа Кархалаа диит 1963 шықәсазы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Уаҟатәи абжьаратә школ даналга, хьыӡла-ԥшала Балтика ирратә уалԥшьа ихганы, дхынҳәуеит иқыҭа гәакьахь. Иаб усгьы заа диԥхахьан, иан длывагыланы аҩны дхандеиуан. Ҵараиурҭа дук дҭамлазаргьы, Аркади иқыҭаҽы аҽарҭбаауа иалагеит арҿиаратә гәазыҳәара. Ихы алаирхәуан Тҟәарчал еиҿкааз аԥсуа литературатә кружок, иҩуан ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, ашәақәа. Иԥсеиԥш бзиа ибаны, Гәыԥ, Лашькьындар, Џьгьарда, Очамчыра уҳәа еиҿкааз авокалтә гәыԥқәа дрылагылан иашәақәа иҳәон, ҟазарыла иаирҳәон агитара, апианино уҳәа амузыкатә инструментқәа. Аибашьраангьы шәара изымдыруа аӷа диҿагылан. Игәы мыҭрысит 1992 шықәса жьҭаара 27 рзы Очамчыратәи ажәылараан хьыӡла-ԥшала иашьеиҵыб Гена данҭахагьы. Уимоу, игәырҩа ҵәахуа, еиҳагьы иҩызцәа ргәы рыӷәӷәо, Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра дазықәԥон. Игәымшәареи ифырхаҵареи ирҷыданы, иҩызцәа иахьагьы ирхашҭӡом, Аркади гәрыӷәӷәагас дышрымаз. Иагьа уадаҩра, иагьа шәарҭара ӷәӷәа иҭагылазаргьы, иабџьар аӷацәа инарықәкуа, афырхаҵара иазку иажәеинраалақәа рҳәара далагон, ма иаацәыригон изырлахҿыхуаз алафқәа, аԥсеиҭакха анроуаз иаккордеон аашьҭыхны ашәақәа рзиҳәон."
Аркади Кархалаа
Абра иаҳгәалаҳаршәар сҭахуп Мрагыларатәи афронт аҿы даара ибзиан еицырдыруаз 1992 шықәсазы ииҩыз аибашьра иазку "Ақьаса" захьӡу иашәақәа даҽакы ацыԥҵәаха:
Уааи, ҳаидтәалап, сашьа,
Аамҭа ҳамоуп минуҭқәак.
Ажәылара аԥхьа ҳаицахап,
Ицәырга уқьаса, аҭаҭын.
Исгәаԥхоит уҟазшьа,
Алым уеиԥшуп, уанықәԥо,
Уара уҩыза аҩыза
Сара еснагь дысҭахын…
Ҩ-ԥсҭазаарак ҳамам,
Дыҟам ҩ-хыкгьы зхагылоу,
Ишҳалшоз ҳаԥсадгьыл иазеиӷьыз,
Аусқәа ҳарҿын.
- Аҳы, нас ԥхьаҟа,
Иҵәаа-ҵәаауа ахызаҵәқәа ҳԥылоит,
Сеиқәымхар, сҳаҭгәынаҿ инықәҵа
Сызмыхаз аҭаҭын…

Апоет, ашәаҳәаҩ, аибашьҩы, Аԥсадгьыл ахьчаҩ Аркади Кархалаа, ишьамдгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа ду наигӡеит, иабџьар дшаҵагылаз, фырхаҵарыла иԥсадгьыл ихы ақәиҵеит! Иуалԥшьа наигӡеит аҵеира рганахь алагьы, хҩык ахшара драбуп, иара ила иамбагәышьеит акәымзар, рызегьы анасыԥ бзиақәа роухьеит, иҭаацәарахахьеит... Урҭ ршьапы иқәлыргылеит, илааӡеит, убри аибашьраҿы ҩыџьа зашьцәа зыцәҭахаз иаҳәшьа гәакьа Ира Кархалааԥҳа.

Аркади Кархалаа ихшаареи иареи
Ауаҩы ахьӡи ахьымӡӷи, ахаҵареи агәымшәареи, ауаҩреи аламыси рзы ауп адәы дзықәу, ила зааԥшуа. Убарҭ зегьы илан Аркади Кархалаа, иԥсадгьыл ашәарҭа иҭагыланаҵы, уахык ихы нықәҵаны ҭынч дызмыцәеит, иабџьари икалами еицын, аҩбагьы "еицыҭҟьон"!
Абри ҳадгьыл аҿы ламысла иҟоу ауаа адәы иқәнаҵы, ҳаԥсуара атәы иагонаҵы, Аркади Кархалаа иеиԥш иҟаз, абаҩхатәреи ахаҵареи еиԥшны ибзиан анцәа излеиҵаз, егьа аамҭа царгьы, ҳара рыԥсқәа ҭаны ҳааигәа ишгыламгьы, урҭ ирхылҵуа алашара, икаххаа аеҵәеиԥш ҳамҩақәа ирныԥхалалоит, уаҵәы игыло аҿаргьы урҭ рыхьӡ-рыԥша аҿаԥхьа "шәара шәоуп ҳаԥсқәа ирыԥшәмахаз, ҳаԥсадгьыл еиқәзырхаз" ҳәа иреихырхәалоит.
Аркади Кархалаа