Аԥсны

Аслан Бжьаниа ашәҭқәа шьҭеиҵеит Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны

Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Сынтәа уи амш аахыс 30 шықәса ҵуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ашәҭқәа шьҭеиҵеит Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны игылоу Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы иҭахаз аибашьцәа ргәаларшәаразы Ахьӡ-Аԥша апарк ахь иара убас иааит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.
Анаҩс дара Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ешыра анышә дахьамадоу ашәҭшьҭаҵара ицеит.
Владислав Арӡынба - ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны раԥхьатәи ахада. Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы, ҳаԥсадгьыл аӷа данақәла, ижәлар ԥызара рзуны аибашьра шьаарҵәыра иалганы Аиааира диргеит.
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Уи хыркәшан цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсуа Ар риааирала. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.