Ереван ахәаахәҭратә центр "Сурмалу" ԥжәеит, иҭахази ахәрақәа заузи ыҟоуп

Пожар в ТЦ "Сурмалу" в Ереване продолжается, его пытаются потушить 20 пожарных расчетов.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Ереван ахәаахәҭратә центр "Сурмалу" ԥжәеит, аӡәы дҭахеит 50-ҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ермантәыла, АҶА адыррақәа шьаҭас иганы.
Ермантәыла АҶА адыррақәа рыла, Ереван ахәаахәҭратә центр "Сурмалу" аҿы актәи аԥжәара аныҟала ашьҭахь, иҵегьы аԥжәарақәа еиқәырццакны иҟалеит. Иԥжәеит апиротехникатә материалқәа рышьҭаҵарҭа.
Уажәы атҟацрақәа рыбжьы шгац игоит, аиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи ишзалшо ала аусура иаҿуп.
Аҭыԥ аҿы аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа цоит.