Арепатриациа

"Сыԥсы - Аԥсны иҟоуп": ҳџьынџьуаҩ Ерҭул Ажьиба иҭоурых

Амшын еиқәа ихыԥшыланы уахи-ҽни зашьцәа згәы иҵхо, Ҭырқәтәыла, Самсун ақалақь инхо ҳџьынџьуаҩ Ерҭул Ажьиба изкуп анаҩстәи анҵамҭа.
Sputnik
Хылҵшьҭрала иашьхарыуоу, гәыла-ԥсыла иаԥсыуоу, Ҭырқәтәыла Самсун ақалақь инхо ҳџьынџьуаҩ Ерҭул Ажьибеи сареи ҳаибадырижьҭеи уамак ҵуам. Сыжәлантә иабдуцәа рыдгьыл аҟынтәи Самсун саҭааны сыҟоуп ҳәа аниаҳа, иусқәа ныжьны дсабадырырц сахьыҟаз днеит. Иара игәы ԥшаауа исзеиҭеиҳәеит дхәыҷаахыс Амшын еиқәеи иареи шеимадоу. Есқьынгьы агәы дхыԥшыланы, "иааихҵәаны сашьцәа нхоит" ҳәа аӡы даҿахәыҭхәыҭны салам шишьҭуаз. Ерҭул еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны иҭоурыхтә дгьыл макьаназы даҭаартә еиԥш изыҟамлеит, аха игәы-иԥсы арахь ауп иахьыҟоу.
Ерҭул Ажьиба
1874 шықәсазы Ерҭул иаб иабду Феҭқьери Ҟарачы-Черқьесскынтәи ихырҵәаз дрыхәҭакны Ҭырқәтәылаҟа дықәнагалеит. Уи нахыс атәым дгьыл аҟны ибзазара шьақәыргыланы егьырҭ ҳџьынџьуаа реиԥш дынхеит.
"Сара излаздыруа ала, саб иабду дызлаз Нхыҵ-Кавказынтәи иааз ахҵәацәа рахьтә иҟан зҳаиуанқәагьы аазгаз. Убарҭ ирымҵуаз ахшхарҵәы ала рыԥсы еивыргеит. Аԥхьанатә дара Самсунҟа иқәнагалеит, аха араҟа ауаа нзырҵәоз ачымазара бааԥсы анрылала, Калынчаҭ ҳәа иҟаз ашьха қыҭахь ицеит. Уаҟа џьабаала рыбзазара ашьақәыргылара рҽазыршәеит, аха аҭырқәцәеи дареи еинымаалеит. Ус 450 ҭаацәара еиҿыҵыр акәхеит. Џьоукы шьҭахьҟа Самсунҟа илбааит, егьырҭ Диузџье ҳәа иахьашьҭоу ақалақь ахырхарҭахь ицеит. Уи нахыс ирацәаҩхеит уаҳа аимадара зыбжьамлакәа еицәыӡыз агәакьацәа", - аиҳабацәа рҟынтә иаҳахьоу ажәабжь далацәажәоит Ерҭул Ажьиба.
Самсунҟа ихынҳәыз анхацәа ҩаԥхьа агәыцәгьара анрылала, аерманцәа ахьынхоз, анаҩс Ҭамқыҭ ҳәа иаԥсыуа қыҭаны ишьақәгылаз анхарҭа ҭыԥ ахь ицаз рацәаҩхеит.
Арепатриациа
"Амра иаҳзаҩызоуп": Ҭаалаҭ Кәышмал Аԥсны иазкны
"Ҭамқыҭ ԥсабарала џьанаҭ еиԥшнаҳшьалоит. Избанзар шәаԥыџьаԥла иҩычоуп. Иара уи адагьы ҳабацәеи ҳабдуцәеи ирҳәалон ҳаԥсадгьыл аиаҵәара иагәҭылакны џьанаҭ иеиԥшуп ҳәа, урҭ ражәақәа еиҳагьы иаҳгәадырԥхеит ҳтәарҭа", - инаҵишьит ҳџьынџьуаҩ.
Ерҭул Ажьиба ақыҭаҟны дышизгьы, амшын аԥшаҳәахьы лассы-лассы дылбаауан. Аҵара даналга, уи азааигәара аусуреи анхареи далагеит. Иара ибзианы идыруан Амшын еиқәа ааихҵәаны Аԥснынӡа унаӡар шалшоз, убри аҟнытә "сабдуцәа рџьынџь сазааигәоуп" ҳәа иԥхьаӡон аԥшаҳәахьы данылбаауаз.
Ерҭул Ажьиба иан Наадиде д-Ԥынҵаҷааԥҳоуп. Лыԥшәмеи лареи ԥшьҩык ахшара рааӡеит: хҩык аԥацәеи аԥҳаи. Ани аби рхәыҷқәа ацәажәара излалагаз рхатәы бызшәалоуп, иахьагьы усҟан ишьҭаҵаз ауасхыр амч убоит. Ерҭул ашьхарыуатәи адиалект ала дсацәажәозаргьы, ибзианы деилыскаауан, иаргьы убас.
Ерҭул ихаҭа хҩык аԥацәа имоуп, руаӡәы дыпрограммиступ, ҩыџьа финансистцәоуп. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны амаҵурақәа ныҟәыргоит. Аб игәы азыҳәоит Аԥснынтәи ҭацак лаагара. Усҟан рдацқәа ҩаԥхьа рџьынџьдгьыл иаларсахон ҳәа иԥхьаӡоит.
Ерҭул Ажьиба иан Наадиде П,ынҵаҷаап,ҳаи иареи
Самсун инхо аԥсуа-абаза ҿар дрызгәдууны Ерҭул иазгәеиҭеит раӷьырак иреиҳау аҵараиурҭақәа ишрылгахьоу, уимоу иҟоуп ҩба-ҩба университет ироушьҭымҭацәоугьы.

"Ҳазхыҽхәаша, ԥхьаҟа ҳзықәгәыӷша аҿар ҳамоуп, аха сара исҭахуп азанааҭ бзиақәа ирызҟазоу ҳаҷкәынцәеи ҳаӡӷабцәеи Аԥсны иаҵагыларц. Хаҭала сазыхиоуп сԥацәа руаӡәы, иаҭаххозар, рыхҩыкгьы, дара уи азы агәазыҳәара роундаз, рабдуцәа рыдгьыл ахь рышьҭра. Ҭаацәала ҳанеилатәогьы, иҟамлацт уи саналамцәажәо. Иҟалап мышкызны рхы аҟынӡа инеир уи ада ԥсыхәа шыҟам", - иажәа иациҵоит Ерҭул Аслан-иԥа.

Ҳџьынџьуаҩ Ерҭул Ажьиба иабдуцәа Ҟарачы-Черқьесиаҟа иқәнагалаанӡа Аԥсны акәын иахьынхоз. Издыруада мышкызны иԥсадгьыл гәакьеи иареи ирыбжьоу арахәыц цҳа дук иаҩызаханы ҭаацәала арахь иқәсны иааргьы.