Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Амра иаҳзаҩызоуп": Ҭаалаҭ Кәышмал Аԥсны иазкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Ҭаалаҭ Кәышмал
Ҭаалаҭ Кәышмал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2022
Анапаҵаҩра
Дыҟамзар ҟалап аӡәы, иԥсадгьыл гәакьа иблала имбацзаргьы игәаҵаҿы гәыбылрак ҭаҵәахымкәа. Убас дыҟоуп Сҭампыл инхо ҳџьынџьуаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәыла даннеи уахи-ҽни дымҩаԥызгоз ауаа иреиуаз Ҭаалаҭ Шьаақыр-иԥа Кәышмал.
Ҭаалаҭ Кәышмал диит Ҭырқәтәыла, аԥсуа қыҭа Ԥсырцха. Иаб Шьаақыри иан Мақбулие Дохәмааԥҳаи быжьҩык ахшара рааӡеит, ԥшьҩык аԥацәеи хҩык аԥҳацәеи. Ҭаалаҭ иабду иаб Маҳҭы иоуп амҳаџьырра иахнагаз. Атәым дгьыл ахь иқәнагалаз ҳауаажәлар гәаҟрала рыбзазара шьақәдыргылеит. Аиҳабацәа ирхыргаз Ҭаалаҭ дшыхәыҷыз инаркны иҭаацәара рҟнытә идыруан. Дара анааидтәалалакгьы, Аԥсназы "уахь зыԥсы ҭоу аӡәы дынхеит ҳәа ҳаҟам" рҳәон. Убарҭ агәалашәарақәа ракәзаргьы ҟалап шьаҭас иаиуз Ҭаалаҭ иџьынџьдгьыл ахь игәаҵа иҭоу ҵҩа змам агәыбылра.
© Foto / предоставила Саида Жиба Ҭаалаҭ Кәышмал
Ҭаалаҭ Кәышмал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Ҭаалаҭ Кәышмал
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра уамак шагымыз, Владислав Арӡынба аделегациа иманы Ҭырқәтәылаҟа дцеит. Иара уахь инеира заанаҵы издыруаз апрограмма шьақәдыргылеит. Ҳџьынџьуаа ирҭахын амра ирзаҩызаз рыԥсадгьыл аҟынтә ирызнеиуаз рашьцәа қәнагала ирыдыркларц. Уаҟа инхо ҳауаажәлар рхаҭарнакцәеи дареи излауо ала аибабарақәа рацәаны ирзеиҿыркаарц. Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла иҟазаара иалагӡаны уахи-ҽни иааигәара иҟаз дыруаӡәкын Ҭаалаҭ Кәышмал. Иара иахьагьы урҭ амшқәа лаӷырӡыда ихаҿы изаагом.
Село Калдахуара, Турция - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Ахәышҭаарамца ахьеиқәу: Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара абзазара иазкны
"Жәаҩыла Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ҳашьцәа раара ҳҽазыҟаҳҵо ҳалагеит. Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара амамызт аҟнытә, Ҭырқәтәыла аиҳабыра ҳзадыԥхьалаӡомызт арҭ аусеиҿкаарақәа. Аха уеизгьы, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә амаҵурақәа аанызкылоз ҳауаажәлар, Сҭампыл араионқәа рхадацәа адырԥхьалеит асасцәа раара иазкыз апрограмма. Ааԥхьара рыман ателехәаԥшрақәеи агазеҭқәеи. Ҳара иаҳҭахын Владислав Арӡынба иаара аҵак ду аиур", - иҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Ҭаалаҭ Кәышмал иазгәеиҭеит Владислав Арӡынба ҩымчыбжь Ҭырқәтәыла иҟазаара иалагӡаны дырбарц ишааз Ҭырқәтәыла ахыи-аҵыхәи инхоз ҳауаажәлар аӡәырҩы.
© Foto / предоставила Саида Жиба Ҭаалаҭ Кәышмал
Ҭаалаҭ Кәышмал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Ҭаалаҭ Кәышмал
"Владислав Арӡынба Сақариа азааигәара иҟоу аԥсуа қыҭа Калдахәара ачара ду изаҳуит. Ақыҭа алаларҭаҟны зықьҩыла ажәлар иԥылеит. Иаргьы амашьына дҭыҵын, игәыдкыло, драцәажәо мацара шьапыла дрыцны ддәықәлеит", - игәалашәоит Ҭаалаҭ.
Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла иҟазаара иалагӡаны имҩаԥган аиԥыларақәа рацәаны. "Ҩыџьа аԥацәа змоу аӡәы шәимеигӡакәа Аԥсныҟа днашәышьҭ. Уажәеиԥш аидгылара анаҳҭаху аамҭа ҟамлацт" иҳәозаарын иуаажәлар дрылагыланы.
"Абизнесгьы бзиоуп, аха аҳәынҭқарратә маҵурақәа рахь шәхы шәырха. Апарламент аҿгьы шәыҟазароуп. Шәшаԥсыуоу шәыбжьы шәыргалароуп", - ҳәа дҳалабжьон. Аамҭа анҵы еиҳагьы еилыскааит дышиашаз", - иажәа иациҵоит ҳџьынџьуаҩ.
Владислав Арӡынба Аԥсныҟа даныхынҳә хара имгакәа иалагеит Аџьынџьтәылатәи аибашьра. Иара уаҟа инижьыз аԥхарра иалҵшәаны жәаҩыла ҳашьцәа рыԥсадгьыл ахьчразы иааит. Ирацәаҩын Ҭырқәтәылантәи афронт аматериалтә цхыраара азҭоз ҳџьынџьуаагьы.
Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Џьенгьиз Коч Ашәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2015
Џьенгьиз Ашәба: Арӡынба иуаажәлар дрықәгәыӷуан, рыгәра игон
Ҭаалаҭ Кәышмал еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны Аԥсныҟа даартә еиԥш изыҟамлеит. Аха ииааӡо иԥеи иԥҳаи дрылабжьо иреиҳәоит рабдуцәа рыдгьыл иаҭаарц. Уахь рынасыԥқәа рыԥшаарц.
Ҭаалаҭ Кәышмал Сҭампыл ихатәы фабрика имоуп. Иара иҭижьуеит апластик иалху афоторамкақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0