Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Кәыҵниа ақыҭеи ақалақьтә ԥсҭазаареи реицныҟәгара иазкны

Ақыҭеи ақалақьи еидызбало, Аҭара иалиааз Симон Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит избан ақыҭаҟынтә ақалақь ахь нхара ҳәа дмыиасыр ада ԥсыхәа зыҟамлаз, ауҭраҭыхи ашәыри рааӡара иҽшазикыз, анаҩс иҽаҩра шиҭиуа атәы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.