Аԥсны

"АЗиД" абылтәы ахкқәак реиԥҟьара атәы иалацәажәеит

"АЗиД" иатәу абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы аиурист хаҿқәа рымаҵ руеит ахсаалагақәеи аталонқәеи рыла.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik. Аилахәыра "АЗиД" абылтәы ахкқәак абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы аамҭалатәи реиԥҟьара атәы иалацәажәеит.
Аилахәыраҿы ирҳәеит аамҭалатәи ауснагӡатәқәа зыдҳәалоу абылтәы Аԥсныҟа аагара аиԥҟьарақәа шракәу. Рашәарамзатәи аҿаҵақәа реиҳарак ареспубликахь иаагамызт. Аилахәыра арезервқәа ахы ианархәон.
Абылтәы ара аҟамзаара егьырҭ абылтәҭаҭәарҭақәа ирықәыӷәӷәеит.
Иахьазы еиқәшаҳаҭрала абылтәы ахә зшәахьоу аиуристтә хаҿқәа талонлеи хсаалагалеи абылтәы аархәоит. Абылтәы аҭира мҩаԥгахалоит уаанӡатәи арежим ала атәылахь иахьынӡахәҭоу ианааргалак ашьҭахь.