Ереван аԥжәараан иҭахаз рхыԥхьаӡара фҩык ыҟоуп

Уаанӡа ирҳәон хәҩык ҭахеит 61-ҩык хәуп ҳәа. 20-ҩык хабарда ибжьаӡны иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Еревантәи ахәаахәҭратә центр "Сурмалу" аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара фҩык ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армениа АҶА адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Ахәаахәҭратә центр "Сурмалу" аҿы аԥжәара ҟалеит нанҳәа 14 рзы. Ереван ахадара адыррақәа рыла, аԥжәара мзызс иамоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп апиротехникатә материалқәа рышьҭаҵарҭаҿ атҟәацра ахьыҟалаз.
Макьаназгьы аилабгарақәа ауаа рыҵазар ауеит. Аиқәырхаратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Ермантәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы амцакратә шәарҭадара аԥҟарақәа реилагареи амцакра зылшо амаҭәашьарқәа рыҵәахра аԥҟарақәа реилагареи рганахьала аусҭҵаара мҩаԥнагоит. Макьаназ амзыз инагӡаны ишьақәыргылам.