Аԥсны

Гиуенос амаӡақәа: Очамчыра антикатәи аполис шҭырҵаауа

Ԥшьышықәса ҵуеит Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Очамчыра антикатәи ақалақь Гиуенос аҭҵааразы ажрақәа мҩаԥыргоижьҭеи.
Sputnik
Гиуенос ма Гиенос – Аԥсны аҵакыраҿы ишьақәырӷәӷәаны иаарту антикатә полисуп. Диоскуриадеи Питиунти ахьыҟаҵәҟаз аҭыԥқәа макьаназы иԥшаам. Гиуенос х-хәык рҟны иргылан. Уажәтәи амшынбаӷәаза ахьыҟоу аҵакыраҟны иҟаз ҩ-хәык аҭҵаара иалагеит 20-30 шықәсқәа иҳаҩсыз ашәышықәсазы.
Уажәы археологцәа ахԥатәи ахәы аҭҵаара иаҿуп. Уажәаԥҳьа араҟа ажрақәа мҩаԥигахьан аҵарауаҩ, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Сергеи Шамба. Иахьа араҟа аҭҵаарақәа ирҿуп Аԥснытәии Урыстәылатәии аҵарауаа Аркади Џьопуеи Александр Скакови.