АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҩбатәи адунеитә еибашьра аҭоурых арԥаршеира, анеонацизм, арасизм, аурысцәымӷра ишырҿагыло азы.
"20-тәи ашәышықәсаан адунеи атрагедиахь икылызгаз анацизм ҳхамшҭыроуп. Аибашьра миллионла иалаӡыз ауаа рҿаԥхьа иаҳуалԥшьоуп Аҩбатәи адунеитә еибашьра аҭоурых арԥаршеира, анеонацизм, арасизм, аурысцәымӷра алазырҵәо рҿагылара", - иҳәеит иара Афорум "Армия-2022" аартраан.
Иара иазгәеиҭеит Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥырго афашистҿагыларатә конгресс ауаажәларра-политикатә ҟазшьа шамоу. Путин иҳәеит урыстәылатәи аруаа Донбасс адгьыл шьаҿа-шьаҿала ахы ишақәиҭыртәуа.
"Иахьа арратә операциа амҩаԥгараан ҳаруааи Донбасс аибашьцәеи хьыӡла-ԥшала руалԥшьа нарыгӡоит, еиқәдырхоит Урыстәыла, Донецки Лугански ареспубликақәа аԥсҭазаара иаздырхынҳәуеит. Урыстәылатәи аруаа Донбасс адгьыл шьаҿа-шьаҿала ахы иақәиҭыртәуеит", - иҳәеит Путин.